Перейти к содержанию

Ромеои Џьулеттеи

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ромеои Џьулеттеи

Ромеои Џьулеттеи (англ. Romeo and Juliet) — Уилиам Шеқспир икариера алагамҭазы ииҩыз, еиӷацәаз ҩ-ҭаацәарак ирхылҵыз, ҩыџьа италиатәи ақәыԥшцәа рыбзиабара иазку трагедиоуп. Уи Шеқспир иҩымҭақәа рҟнытә зегь реиҳа аларҵәара зауз рҿиамҭоуп. «Ҳамлет» инаваргыланы, уи асценаҿы иара Шеқспир ихаҭа зегь реиҳа дахьыхәмархьаз апиесақәа ируакуп. Иахьазы ари арҿиамҭа аперсонаж хадацәа - адунеи аҿы бзиа еибабо аҿарацәа ирархетипқәаны иҟоуп.

«Ромеои Џьулеттеи» шьаҭала антикантәи иаауа атрагикатә романқәа ртрадициа иаҵанакуеит, Маттео Банделло ииҩыз уи асиужет, италиатәи алакә иалхны иҟаҵоуп, анаҩс «Ромеои Џьулеттеи ирызку атрагедиатә ҭоурых» ҳәа ахьӡҵаны, Артур Брук уи ажәеинраала ашҟа ииаганы икьыԥхьит 1562 шықәсазы.

1567 шықәсазы уи прозала «Агәахәаратә Хан» аҿы еиҭеиҳәеит Уилиам Пеинтер. Урҭ аҩыџьегьы рҟнытә Шеқспир иигаз рацәоуп, аха иаԥиҵаз аперсонаж ҿыцқәа рыла асиужет акырӡа ирҭбааит. Агәаанагара шыҟоу ала, апиеса ҩын 1591 – 1595 шықәсқәа рыбжьара. Раԥхьаӡа акәны 1597 шықәсазы икьыԥхьын кварто аверсиаҿы. Аха уи раԥхьатәи кварто аверсиа атекст ахаҭабзиара даара илаҟәын, уи анаҩс аамҭақәак рышьҭахь иҟаҵаз аҭыжьымҭақәа рҿы атекст дыриашеит, уи еиҳа Шеқспир иоригинал иашьашәаланы иҟарҵеит.

Шеқспир ихы иаирхәаз апоетикатә драматә шьақәгылашьа (аибарххара арыӷәӷәаразы акомедиа аҟнытә атрагедиа ашҟа, насгьы еиҭа ишьҭрақәланы иҟаҵоу аиасрақәа реиԥш иҟоу аеффеқтқәа, ихадам аперсонажцәа рыла арҭбаара, иара убасгьы аҭоурых арԥшӡаразы ихәыцу хыԥхьаӡара рацәала аҵакыҵәахқәа ахәшьара ҳаракы роуит уи идраматә ҟазара зааӡатәи ҷыдаҟазшьак аҳасабала.

Ажәакала, иара асиужет анцәырҵыз аамҭазы, иара уи ашьҭахьгьы, уахәаԥшуазар, аинквизициа, ашьҭахара ианраамҭаз иатәу ҭоурыхуп.

Апиесаҿы еиуеиԥшым аперсонажцәа ирыдрыԥхьаӡалоит еиуеиԥшым апоетикатә формақәа, зны-зынлагьы апиесаҿы аперсонаж иеизҳара инашьашәаланы, урҭ аформақәагьы рҽырыԥсахуеит. Иаҳҳәап, апиеса еизҳацыԥхьаӡа иумбар залшом афырхаҵа хада Ромео асонет еиҳа-еиҳа дшазҟазахо.

«Ромеои Џьулеттеи» изныкымкәа адапциа азырухьеит асценеи, акинои, амиузикли, аопереи, абалети рзы. Англызтә реставрациа аан уи еиҭарҿиара аиуит, ари адрама ӷәӷәала аус адиулеит Уилиам Давенант.

18-тәи ашәышықәсазы Девид Гаррик иверсиаҿы сценақәак иԥсахит, апиеса иалхын усҟантәи аамҭазы асцена ашҟа зцәыргара ԥхашьароуп ҳәа ирыԥхьаӡоз материалқәак. Георг Бенда «Ромеои Џьулиеи» ҳәа ахьӡҵаны иҟаиҵаз аверсиаҿы апиеса хәҭа дук амхны, насыԥ змаз анҵәамҭа азиԥшааит. 19-тәи ашәышықәсазы иқәдыргылоз аспектакльқәа рҿы (Шарлотта Кушман лтәгьы уахь иналаҵаны), аоригиналтә текст еиҭашьақәдыргылеит, урҭ еиҳа ахшыҩзышьҭра арҭеит апиеса ареалисттәра.

1935 шықәсазы иаԥҵаз Џьон Гилгәыд иверсиа Шеқспир итеқст акырӡа иазааигәан. Уи аҟны адраматизмра арыӷәӷәаразы ахархәара рыҭан Елизавета лаамҭазтәи акостиумқәа. 20-21 ашәышықәсақәа рзы ари апиеса адаптациа азуын Џьорџь Кьиукор ифильм «Ромеои Џьулеттеи» (1936), Франко Ӡеффирелли ифильм «Ромеои Џьулеттеи» (1968), Баз Лурман ифильм «Ромео+Џьулетта» (1996), ааигәа иаԥҵаз Карло Карлеи ифильм «Ромеои Џьулеттеи» (2013).

Ихадароу астатиа: Ромеои Џьульеттеи аперсонажцәа

Верона анапхгара зуа аҩны

  • Апринц Ескалус - Верона напхгара азызуа апринц
  • Граф Парис - Џьульетта дызҳәарц зҭаху Ескалус иҭынха
  • Меркуцио - Ескалус даҽа иҭынхак, Ромео иҩыза.

Капулетти иҩны

  • Капулетти - Капулетти иҩны апатриарх.
  • Леди Капулетти - Капулетти иҩны аматриарх .
  • Джульетта Капулетти, 13- шықәса зхыҵуа Капулетти иԥҳа, апиеса афырԥҳәызба хада.
  • Тибальт - Џьульетта ланшьа иԥа, леди Капулетти лашьа иԥа.

Амедиаҳәшьа - Џьульетта хаҭала илыцу, илхылаԥшуа.

  • Розалина - лорд Капулетти иаҳәшьа ԥҳа, аҭоурах алагамҭазы Ромео ибзиабаҩ.
  • Питер, Семԥсони Грегории - Капулетти иҩны аҿы амаҵуҩцәа.

Монтегиу иҩны

  • Монтегиу - Монтегиу иҩны апатриарх.
  • Леди Монтегиу - Монтегиу иҩны аматриарх.
  • Ромео Монтегиу , Монтегиу иԥа, апиеса афырхаҵа хада.
  • Бенволио - Ромео иаб иашьа иԥа, иҩыза гәакьа.
  • Абрами Бальҭазари - Монтегиу иҩны аҿы амаҵуҩцәа.

Егьырҭгьы

  • Абер Лоуренс - францискантәи абер, иара убасгьы Ромео игәрага.
  • Аиашьа Џьон аиашьа Лоуренс исалам шәҟәы Ромео изигарц азы амҩа дықәлоит.
  • Апҭекаусуҩ, изҭахӡамкәа Ромео ашҳам иаазырхәо.

Италиа, Верона имҩаԥысуеит ари апиеса ахҭысқәа. Уи алагоит Монтеккии Капулеттии рмаҵуҩцәа амҩаҿы ихацдыркуа аисрала. Урҭ, зымаҵ руа рыԥшәмацәа реиԥш, даргьы еинышәашьа змам еиӷацәоуп. Верона напхгара азызуа апринц Ескалус урҭ еиҟәихуеит, иагьреиҳәоит зегьы уажәшьҭарнахыс аисра хацзыркыз ашьаус дшақәыршәахо, ашьра шиқәырҵо ала.

Анаҩс аграф Парис Капулетти иԥҳа Џьулетта ԥҳәысс лгара аҵыхәала лаб диацәажәоит, аха Капулетти Парис диҳәоит ачара аҿҳәара даҽа ҩышықәса иахигарц азы, ааԥхьарагьы ииҭоит Капулетти иҩны иазԥхьагәаҭаны иҟоу абал ашҟа. Аҳкәажә Капулеттии Џьулетта ланаӡӡеии рҽазыршәоит Џьулетта Парис иажәа лыдкылара шахәҭоу азы агәра лыргара.

Иара уи аамҭазы Бенволио иаб иашьа иԥа Ромео Монтегиу ааигәа имаз адепрессиа азы диацәажәоит. Бенволио агәра ганы дыҟоуп уи ҭакда бзиа иибоз Розалина зыхьӡу Капулетти иаҳәшьа ԥҳацәа руаӡәк шлакәу изыхҟьаз. Ус ауп Меркуциогьы игәы ишаанаго. Уи агәра ганы дыҟоуп Ромео Капулеттираа рбал ашҟа иҽӡаны дызнеиуа, уаҟа Розалина дышԥасымбари ҳәа шакәу ала. Аха Ромео ари абал аҿы Џьулетта диқәшәоит, иаразнак алагьы бзиа дибоит. Џьулетта ланшьа иԥа Тибальт Ромео абал ашҟа дахьнеиз акыр даргәаауеит, иаҳәагьы ҭихуеит дисырц азы, аха Капулетти уи мчыла дааникылоит – иҭахым абал анцо аамҭазы иҩны ашьа каҭәар. Абал ашьҭахь имҩаԥысуеит ҳаамҭазы адунеи зегь аҿы «Абалкон аҿы имҩаԥысуа асцена» ҳәа еицырдыруа ашәымҭа – Ромео аҵх иҽалакны Капулеттираа рбаҳча маӡала дҭалоит, бзиа иибо аҭыԥҳа луада аҵаҟа даннеилакь, рҭаацәа шеиӷацәоугьы, лара Ромео дшизыҟоу, лыбзиабара ҳәаак шамам атәы шылҳәо иаҳауеит. Ромео игәаӷьны длацәажәоит, иаргьы бзиа дшибаз леиҳәоит. Уи ашьҭахь дара еибагарц еибырҳәоит.

Акыршықәсала еиӷацәаз арҭ аҩ-ҭаацәарак рыхшара рыбзиабара иабзоураны реиныршәара иақәгәыӷуаз абер Лоуренс ицхыраарала, аҿарацәа адырҩаҽны маӡала еибагоит.

Уи аамҭазы, Ромео маӡала Капулеттираа рбал ахь анеира ахьигәыӷьыз азы игәааны иҟаз Тибальт, Ромео адиуал ахь диԥхьоит. Тибальт уажәшьҭа дсабхәындоуп ҳәа дзыԥхьаӡоз Ромео, мап ацәикуеит уи диҿагыланы иеисра. Аха Меркуцио хьымӡӷыс ишьоит Тибальт ихымҩаԥгашьа, иара убасгьы изеилкаауам Ромео ас еиԥш дҟәырны дызмоу, убри азы Ромео ихьӡала ихаҭа Тибальт диҿагылоит адиуал аҿы. Ромео еиҟәыскуеит ҳәа дрыбжьагылоит, аха Меркуцио дзыцәнымхо ахәра иоуеит Тибальт иҟнытә, иԥсы анихыҵуазгьы аҩ-ҭаацәаракгьы ишәиуеит: «Аҿкы шәықәнагаааит аҩ-ҭаацәаракгьы!» ҳәа. Иҩыза гәакьа Меркуцио иԥсы анааихыҵ, Ромео Тибальт диҿагылоит, реидыслараҿгьы дишьуеит.

Монтегиу ишырыԥхьаӡо ала, Ромео Меркуцио изы ишьа иуит, ус анакәха диашоуп. Аха апринц арҭ аҩ-ҭаацәарак реиӷара иахҟьаны иҭынха дахьҭахаз даргәааны дамоуп аҟнытә Ромео Верона ақалақь далицоит, дхынҳәыргьы дыкнаҳаны дшыршьуа ала агәра ирганы. Ромео маӡала Џьулетта луадаҿы днеиуеит, урҭ араҟа аҵх еицырхыргоит, уи алагьы араҟа рынасыԥ шеиларҵаз хдыркәшоит.

Ромео дхырҵеит, Џьулетта дгәырҩоит. Капулетти уи лылаӷырӡқәа лашьа иҭахара иазҳәоу џьшьаны, лгәы арҿыхап ҳәа Парис ԥҳәысс лгаразы иҟаиҵаз аҳәара дақәшаҳаҭхоит. Уи иԥҳа ишлеиҳәо ала, Парис иццара дақәшаҳаҭымхар, ахааназы дыишәиуеит.

Џьулетта дыгәжәажәоит, анаҩс лаб хаҵа лышьҭра дахымыццакырц лан диацәажәарцаз длыҳәоит, илҭахуп уи Париси лареи рчара аҿҳәара ахигарц, аха лангьы Џьулетта мап лцәылкуеит, уи лгәаанагарала, Парис иҿы иҟоуп лыԥҳа лынасыԥ.

Џьулетта абер Лоуренс дизцоит, длыцхраарц азы, диҳәоит акы ихәыцырц, Ромеои лареи ԥсыхәак рзиуырц. Абер Лоуренс уи илыдигалоит «ҩынҩажәи ҩба мшы» дзырцәо ашҳам. Иаразнакҵәҟьагьы ауаҩы дишьҭуеит Ромео ишҟа, ирхәыцыз аплан иаиҳәарц азы. Уи аҿы ишазԥхьашәаҭаз ала, Џьулетта адамраҿы данҿыхо аамҭазы иара уа дыҟазар акәын. Уаҵәы илчараны ауха Џьулетта ашҳам лыжәуеит, уи дыԥсит ҳәа иԥхьаӡаны рҭаацәаратә дамра дҭарҵоит.

Аха абер иишьҭыз аиашьа Џьон ианаамҭаз Ромео иҿынӡа дзымнеит, уи ацынхәрас Ромео имаҵуҩы Бальҭазар иҟнытә иаҳауеит Џьулетта дыԥсит ҳәа. Агәырҩа иамҽханакыз Ромео аԥҭека аусзуҩы иҿы ашҳам аахәаны, Џьулетта дахьыҟоу адамра ашҟа ддәықәлоит. Уи аҭаламҭаҿы иара Парис диқәшәоит. Уи иԥҳәысхараны иҟаз аӡӷаб лҵәыуаразы уахь днеит. Вандалк анышәынҭра беиа арҳәразы днеиз џьшьаны, Парис Ромео дизыҵҟьоит. Урҭ реидыслараҿы Ромео Парис дишьуеит. Џьулетта дыԥсит ҳәа агәра ганы иҟоу Ромео, уи лдамраҿы дызгаша ахәшә ижәуеит. Уи аамҭазы ацәа иалҵыз Џьулетта ԥсқәарак злам лхаҵа дахьышьҭоу дылбоит. Уи дшыԥсыз анылбалакь, Џьулетта аҟама лгәы иалаҵаны лҽылшьуеит. Иара уи алагьы лыбзиабаҩ днаишьҭалоит. Еиӷацәаз аҭаацәарақәеи апринци еицны иахьааиз, аҿарацәа рыхҩыкгьы ԥсны ишышьҭоу инархагылоит. Абер Лоуренс адамраҿы еизаз ирзеиҭеиҳәоит Меркуцио ишәыԥхьыӡ назыгӡаз, «аиеҵәатә џьар зыцны бзиа еибабоз ҩыџьа ақәыԥшцәа рҭоурых». Рхәыҷқәа анҭаха ашьҭахь арҭ аҭаацәарақәа ирыбжьоу аиӷара рхаршҭны, еинышәоит. Апиеса хыркәшоуп апринц иажәақәа рыла: «Ахаан иҟамларцаз Џьулеттеи уи л- Ромеои ргәырҩа еиԥш, илахьеиқәҵагоу аҭоурых».

Ромеои Џьулеттеи аагоуп зышьаҭа ажәытә хараӡаҿы иҟоу, итрагедиатәу абзиабаратә ҭоурыхқәа ртрадициа аҟнытә. Урҭ рахьтә акы – Овидии и-«Метаморфоза» аҟнытә Пирами Фисбеи аҿы – Шеқспир иҭоурых еиԥшу даара ирацәоуп: уаҟагьы аҭаацәа еиӷацәоуп, Пирам дҩашьаны, бзиа иибо Фисба дыԥсит ҳәа иԥхьаӡоит. Ахԥатәи ашәышықәсазы Ксенофонт Ефесстәи ииҩыз «Ефезиака» аҿгьы иҟоуп бзиа еибабо реиҟәыҭхара, иара убасгьы уаҟагьы ахархәара амоуп Ромеои Џьулеттеи раан еиԥш, аԥсра иеиԥшны ауаҩы дзырцәо аиҵарԥхьа.

Зегь раԥхьаӡа акәны Монтегиуи Капулетти рыхьӡқәа аагоуп ԥсра зқәым Данте ирҿиамҭа «Анцәатә комедиа» аҟнытә. Уи афбатәи ашәа «Аԥсрыцқьарҭа» аҿы иубоит Монтекки (Монтекки) Каппеллетти (Капулетти) рыхьӡқәа.

Шәааи, шәрыхәаԥш, шәара, иаашьаҟәқәам,

Монтеккии Капулеттии, Мональдии Филиппескии,

Џьоукы уажәшьҭа игәырҩоит, егьырҭ ракәзар ашәара иагеит.

Мазуччо Салернитано, ашәҟәы "Мариоттои Ганоццеи" автор (1476), Ромеои Џьульеттеи ирызку алакә - зегь реиҳа изаау еицырдыруа аверсиа

Шеқспир ипиеса иазааигәоу, зегь реиҳа еицырдыруа «Ромеои Џьулеттеи» аверсиа - 1476 шықәсазы икьыԥхьыз Мазуччо иҩымҭа Ил Новеллино аҟнытә 33-тәи ахы аҿы иҟоу Мариоттои Ganozza рҭоурых ауп. Уи иҭоурых аверсиа иалоуп маӡала аибагара, абер- ачарҳәаҩ, ихатәроу ақалақь уаҩы дахьыршьыз аисра, Мариотто иқәцара, Ганоцца мчыла хаҵа лышьҭра, аиҵарԥхьа, маӡала аицәажәара, иара убасгьы ианаамҭаз иахьахәҭаз инагамыз акрызҵазкуа ааацҳара. Уи аверсиа ала Мариотто дыркуеит, ихы хырҵәоит, Ганоцца агәырҩа дагоит. .

Афронтиспис "Џьульеттеи Ромеои" Луиџьи да Порто иусумҭа, 1530

Луиџьи да Порто ари аҭоурых «Џьулеттеи Ромеои» ҳәа адаптациа азуны, 1524 шықәсазы иҩыз, 1531 шықәсазы Венециа икьыԥхьыз уи «Иҭоурыхтә новелла» иалаиҵеит. Да Порто хымԥада дрызхьаԥшит Бокаччо и-«Декамерон» аҟнытә Пирами Фисбеи, аха иҟалап уи иара иҭоурых аҟнытә иавтобиографиатә шәымҭақәакгьы ыҟазар. Уи дсолдаҭын, Венециа ақалақь зыхьчоз дреиуан. Усҟан акланқәа реиҿагылара ыҟан – Саворнианааи Струмиериааи рабшьҭрақәа еиӷацәан. Да Порту ирҿагылаз аклан аиҳабы Саворниано иԥҳа Лиуцина бзиа дибеит, аха рҭаацәарақәа ирыбжьаз аиӷара иԥырхагахеит. Адырҩаҽны Саворнианаа ақалақь иажәлаз ираԥхьагылеит, Струмиериаа рҭаацәа рҟнытә аӡәырҩы шьын. Акыр шықәсқәа рышьҭахь аибашьраҿы иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны адабла зысны иҟаз Луиџьи иҩит «Џьулеттеи Ромеои» Монторсо Вичентино ( иабеибоз уи Веронатәи аханбаақәа?!) Иновелла лзикит беллисима и легџьадр (иԥшӡоу, еинаалоу)Лиучина Саворниани . 

Де Порто иҭоурых ииашаҵәҟьаны иҟалаз акакәны ицәыригеит, уи ишышьақәирӷәӷәоз ала, урҭ ахҭысқәа ҟалеит, Верона Бартоломео делла Скала (англыз ҵасла принц Ескалус) ахадара аназиуаз - шәышықәса раԥхьа.

Title page of Arthur Brooke's poem, Romeus and Juliet

Да Порто ари аҭоурых иаамҭазтәи аформала ицәыригеит, бзиа еибабоз ақәыԥшцәа рыхьӡқәагьы, еикануаз аҭаацәарақәа Монтеккии Капулеттии(Cappelletti), аҭыԥ Веронагьы уахь иналаҵаны. Уи аиашьа Лоуренс – аиашьа Лоренцо ҳәа ихьӡиҵеит, Меркуцио (Маркуччо Гертио), Тибальт (Тебальто Каппелетти), аграф Парис (аграф Париде ди Ладроне), амаҵуҩы гәакьеи анаӡӡеии. Да Порту иаԥиҵеит аҭоурых егьырҭ аелемент хадақәа: аиӷара зыбжьаз аҭаацәарақәа, зыбзиабаҩ икалыжьыз, лыҩны иҟаз абал аҿы Џьулетта илԥылаз Ромео, абзиабаратә сценақәа (абалкон аҿтәи асценагьы уахь иналаҵаны), агәкаҳаратә шәымҭақәа, Џьулетта ланшьа иԥа (Тебальдо) дызшьуа Ромео, бзиа еибабоз рҽаныршь ашьҭахь аҭаацәарақәа реинышәара.. Да Порто иверсиаҿы Ромео ашҳам ижәуеит, Џьулетта лакәзар, лыԥсыԥеиҩгара аанылкылоит лыԥсы лыхшәаанӡа.